Қарҭ, Ҷавҷаваӡе имҩаду аҿы асасааирҭа ҿыц "Hilton Garden Inn" аадыртит [афото]
Аилахәыра «Редикс» Қарҭ, Ҷавҷаваӡе имҩаду аҿы жәларбжьаратәи бренд иаҵанакәа асасааирҭа ҿыц «Hilton Garden Inn» аанартит. Аартра ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, абизнес ахаҭарнакцәеи.
«Ҳаҳҭнықалақь ацлеит зҵакы дуу абренд иаҵанакәа даҽа сасааирҭак. Апроект 40 миллион адоллар иаҧсоуп. Лаша Папашвилии игәыҧи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп абри аинвестициа ду азыҳәан, аҳҭнықалақь ауааҧсыра зҵакы дуу аобиект ҿыц аартра рыдысныҳәалоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.
Инеизакны апроект 40 миллион адоллар иаҧсоуп. Асасааирҭаҿы 170 аномерқәеи еиуеиҧшым акатегориақәа ирыҵанакәа аконференц-залқәеи иҟоуп.