Қарҭ-Сенаки-Леселидзе амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорттә хархәагақәа реиҭаҵра ахьаанкылоу аҟынтә, Ҭырқәтәыла ахырхарҭала идәықәлогьы  ихынҳәуагьы атранспорттә хархәагақәа аҳәаа иахысыр рылшоит  «Карцахии»  «Валеи» ирылсны

Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Ахашәалахәтә маҵзура адыррала,  Қарҭ-Сенаки-Леселидзе амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорттә хархәагақәа реиҭаҵра ахьаанкылоу аҟынтә, Ҭырқәтәыла ахырхарҭала идәықәлогьы  ихынҳәуагьы атранспорттә хархәагақәа аҳәаа иахысыр рылшоит  «Карцахии»  «Валеи» ирылсны.

Адырра ишану ала, Қырҭтәыла зехьынџьара ахазалхратә пунктқәа зегьы абжьааҧнытә режимаҿ аус руеит.

«Афинансқәа рминистрра Ахашәалахәтә маҵзура  ауааҧсыра иргәаланаршәоит адгьылҳәазара ашәарҭара иадҳәаланы Қарҭ-Сенаки-Леселидзе амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорттә хархәагақәа рыла аиҭаҵра шыҟамло.

Убри аҟынтә, жәларбжьаратәи аидарамҩангара ҧырхага амоурц азыҳәан,  Ҭырқәтәыла ахырхарҭала идәықәлогьы  ихынҳәуагьы атранспорттә хархәагақәа аҳәаа иахысыр рылшоит  «Карцахии»  «Валеи» ирылсны.

Қырҭтәыла зехьынџьара ахазалхратә пунктқәа зегьы абжьааҧнытә режимаҿ аус руеит», — аарыцҳаит Ахашәалахәтә маҵзура аҟынтәи.