Индиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Субрахманиам Џьаишанкари ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Индиа амилаҭтә ахы ақәиҭтәҩы Маҳаҭма Ганди 150 шықәсатәи ииубилеи инамаданы Қарҭ Маҳаҭма Ганди ибаҟа аадыртит.
Абаҟа автор иоуп индиатәи аскульптор Гаутам Пали.
Абаҟа аартра ацеремониаҿ иқәгылеит Қырҭтәыла авице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиании, Индиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Субрахманиам Џьаишанкарии, Қарҭтәи сакребуло ахантәаҩы Гьаргь Тҟемалаӡеи, Қырҭтәыла Маҳаҭма Ганди ифонд анапхгаҩы Иракли Какабаӡе
Давид Залкалиани иԥшьоу агәаҟҩы ду аҳкәажә Қеҭеван иԥшьоу лыбаҩқәа Қырҭтәылаҟа раагара аус иалахәыз ахаҿқәа зегьы иҭабуп ҳәа раиҳәеит, чыдала иҭабуп ҳәа раиҳәеит Индиатәи ареспублика Аԥыза-министр Наренлра Модии Индиа аиҳабыреи.