Қарҭ имҩаҧысуеит есышықәсатәи жәларбжьаратәи аконференциа
Қарҭ имҩаҧысуеит есышықәсатәи жәларбжьаратәи аконференциа

Қарҭ имҩаҧысуеит есышықәсатәи жәларбжьаратәи аконференциа «Путинизм аҵахара».

Аконференциа еицымҩаҧыргоит Маккеин ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алидерра  аинститути,  Џьорџь Буш иинститути, Аекономикатә политика аҭҵаара ацентри. Ауснагӡатә иалахәып европатәии америкатәии аполитикцәеи, иара убас, адипломатцәеи.

Џьорџь Буш иинститут адиректори Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҧасатәи ицхырааҩи Девид Крамер ажурналистцәа ишреиҳәаз ала,  аконференциа аа-шықәса рыҩныҵҟа имҩаҧысуеит, ари аконференциа иаҭаауа ауааҧсыра зегьы Қырҭтәыла адгылаҩцәеи аҩызцәеи роуп.

«Ҳара ақырҭуа жәлар адгылара рзааҳарҧшыр ҳҭахуп, Украинеи ари арегион иаҵанакәа егьырҭ атәылақәеи реиҧҵәҟьа, Қырҭтәылагьы  Москва аганаҟынтә ашәарҭара иҭагылоуп, Путин иоуп уи зхароуп, иара ари арегион атәылақәа рхылаҧшреи, рхьыҧшымра аҧыхреи иҭахуп. Ҳара Украинеи, Беларуси, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Молдовеи, насгьы, ҳәарада, Қырҭтәылеи рхьыҧшымра ҳшадгыло ааҳарҧшыр ҳҭахуп», — иҳәеит  Девид Крамер.

Ҩымш инагӡахо аконференциаҿ излацәажәо атемақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа аибашьреи, НАТОи Евроеидгылеи рҧеиҧши, путинизм иаҿагыло аполитика аҳәаақәҵареи. Аконферециа иахьа иаадыртит. Иацы ауснагӡатә алахәылацәа ампыҵахалатә цәаҳәаҿы иҟан.