Қарҭ Евронест aпaрлaменттә aссaмблеиa есышықәсатәи асессиа иахьа аофициалла иалагоит
Қарҭ Евронест aпaрлaменттә aссaмблеиa 8-тәи асессиа “Мрагыларатәи партниорра наҟ-наҟтәи апланқәа” мҩaҧысуеит.
Евронест aпaрлaменттә aссaмблеиa есышықәсатәи асессиа иахьа аофициалла иалагоит. Асессиа аҿы дақәгылоит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡе. Евронест aпaрлaменттә aссaмблеиa есышықәсатәи 8-тәи асессиа алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылоит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, Европарламент авице азажа Клара Добреви, Евронест апарламенттә ассамблеиа аицхантәаҩцәа, европарламентарцәа Андриус Кубилиуси Иван Крулкои.
Асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аенергошәaрҭaдaрa Мрагыларатәи партниорра наҟ-наҟтәи апланқәеи, агеополитика ауадаҩрақәеи, Мрагыларатәи партниорра иалоу атәылақәа рыбжьара ацсеицура арҕәҕәареи арҭбаареи
Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылоит Аекономикатәи аинтеграциеи, асоциалтә политикатәи аенергошәарҭадаратәи зҵаарақәа ирызку арезолиуциа.
Ассамблеиа ихыркәшаҳоит ҧхынҷкәын 10 рзы, ассамблеиа авице-ахада Андриус Кубилиуси Иван Крулкои еицымҩаҧырго апрессконференциа ала.