Қарҭ ахадара ахҭнықалақь ашҟа  18 метра аура змоу автобусқәа рнагара нанагӡоит
Қарҭ ахадара ахҭнықалақь ашҟа  18 метра аура змоу автобусқәа рнагара нанагӡоит

Қарҭ ахадара ахҭнықалақь ашҟа  18 метра аура змоу автобусқәа рнагара нанагӡоит. Иахьа имҩаҧгаз амуниципалитет аилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

«Уажәтәи атранспорттә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны, 18 метра аура змоу автобус ҿыцқәа раларҵәара апроцесс инагӡоит. Иахьазы автопарк зеиҧшҟамлац ала идууп,  1935 цыра автобусқәа иҟоуп, уи абзоурала, ауаажәларратә транспорт ахархәара иаҳа иманшәалахеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара убас, Қарҭ ахада хаҭалатәи амашьынақәа рхыҧхьаӡарагьы далацәажәеит.

«2017 шықәсазы ақалақьаҿ еиҭаҵуан  250-280 нызқь автомобильқәа, сынтәа, цәыббра 3 рзы иҟоу адыррақәа инрықәыршәаны, ақалақьаҿ еиҭаҵуеит  687 нызқь амашьынақәа. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ рхыҧхьаӡара есышықәса азҳара иаҿуп. Ганкахьала, уи уамашәа иубаратәы иҟам  – аекономика шаҟа иазҳауа аҟара хаҭалатәи автомобильқәа рхыҧхьаӡарагьы иацлоит. Ҳара изныкымкәа иҳарҳәахьеит ари арбага европатәи ақалақьқәа рырбагақәа раасҭа хынтә-ҧшьынтә иаҳа ишдуу. Ақалақьаҿ автобустә цәаҳәақәа рсистема аҿиара ишаҿу аабоит. Ареформақәа зегьы аекологиатә ганахьала ицқьоу атранспорти ауаажәларратә транспорти, ашьапыланыҟәаратә инфраструктуреи  рырҿиара иазкуп.  Убри алоуп хаҭалатәи амашьынақәа рхьыҧшызаара аиҵатәра шҳалшо», — иҳәеит  Каха Калаӡе.