«Қарҭ ахадара аҧнаҵеит «Қарҭ ҳаамҭазтәи аҟазара афонд» , уи хара имгакәа аусура иалагоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалитетр аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, афонд хықәкыс иамоуп артистцәа рыцхраареи ҳаамҭазтәи рвизуалтә усумҭақәа ауаажәларратә қәыҧшылараҿы рцәыргареи.
«Ҳара Қарҭ еиуеиҧшым аҭыҧқәа алхны, аскверқәеи апаркқәеи рҿы ақырҭуа артистцәа русумҭақәа цәыраагоит. Ақалақь аҧшра ианаало аусумҭақәа аҳҭнықалақь ахадара аанахәоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Қарҭ ахада иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа артистцәа русумҭақәа ахьцәырыргаша ақәыҧшылара еиҿыркаауеит – аскульптурақәа рпарк.