Қарҭ ахадала Аԥсабарахьчаразы ақалақьтә маҵзура аиҳабы Гига Гигашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Қарҭ ахадала Аԥсабарахьчаразы ақалақьтә маҵзура аиҳабы Гига Гигашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Қарҭ ахадала Аԥсабарахьчаразы ақалақьтә маҵзура аиҳабы Гига Гигашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Ари атәы уи ихаҭа ажурналистцәа рахь ааицҳаит.

“Иҟалаз арыцҳара иахҟьаны схаҭыԥуаҩ уажәы даанкылоуп. Сара, Аԥсабарахьчаразы ақалақьтә маҵзура аиҳабы иаҳасаб ала, аморалтә ҭакԥхықәра сыдуп схаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз ацәгьауразы. Убри аҟынтә снапынҵақәа шьҭасҵоит“, – иҳәеит Гигашвили.

Гига Гигашвили Аԥсабарахьчаразы ақалақьтә маҵзура аиҳабы иҭыԥ 2017 шықәса инаркны ааникылоит.