Қарҭ ахада Каха Калаӡе Венгриа ацҳаражәҳәаҩ Анна Мариа Шико дылԥылеит.
Ахадара аинформациала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиԥылараҿ ирыхәаԥшит Қырҭтәылеи Венгриеи реизыҟазаашьақәеи урҭ еиуеиԥшым ахырхарҭала арҿиареи.
Қарҭ ахада венгриатәи адипломат иҭабуп ҳәа лаиҳәеит Қырҭтәыла адгылара азы.
Анна Мариа Шико ишазгәалҭаз, еиуеиԥшым ахырхарҭала аусеицура арҭбаара дазыхиоуп. Венгриеи Қырҭтәылеи руааԥсыра рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәаразы, ацҳаражәҳәаҩ Қарҭ Венгриа амшқәа рымҩаԥгара ажәалагалала дықәгылеит.