Қарҭ ахада Каха Калаӡе атәылауааи Қырҭтәыла иаҭааиз асасцәеи Новруз-Баирам рыдиныҳәалеит.
Қарҭ аиҳабыра реилатәараҿы Калаӡе ишиҳәаз ала, амультикультуратә ақалақьаҿ еиҧшҵәҟьа, Қырҭтәыла зехьынџьара ауаа рацәа ари аныҳәа иазгәарҭоит.
«Иацы Новруз-Баирам аныҳәа иалагеит. Ари аныҳәа иазгәазҭо ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп. Уи аҧсабареи, ааҧынреи, аҧсҭазаареи ианыҳәоуп, Ашықәс Ҿыц еиҧшҵәҟьа аҩны иазгәарҭоит. Амультикультуратә ҳқалақьаҿ еиҧшҵәҟьа, Қырҭтәыла зехьынџьара ауаа рацәа ари аныҳәа иазгәарҭоит. Рызынтәгьы ирыдысныҳәалоит, аҭынчреи, агәабзиареи, мышәхыбзазареи рзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Қарҭ ахада.