Қарҭ астадион ҿыц аргылара аус адызуло жәларбжьаратә комиссиа дахагылоит Қырҭтәыла аԥыза-министр
თბილისში ახალი სტადიონის მშენებლობის ხელშესაწყობად იმუშავებს უწყებათაშორისი კომისია, რომელსაც პრემიერ-მინისტრი უხელმძღვანელებს
Қарҭ 70 000-ҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу астадион ҿыц аргылара аус адызуло жәларбжьаратә комиссиа дахагылоит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Акомиссиа актәи аилатәараҿ астадион ахьдыргыло аҭыԥқәеи, аинфраструктуратәи, атранспорттәи зҵаарақәа ирыхәаԥшит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ашьапылампыли арегби рзы афедерациақәа рхадацәа рҟынтә аинформациа иоуит. Аилатәараҿ ирыхәаԥшит УЕФА хаҭарнакцәа рҽалархәра азҵаара.
Астадион ҿыц иабзоураны атәыла 2028 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу “Ачемпионцәа рлига” афинал аԥшәымаразы алшара аиуеит.