Қарҭ иаадыртит Михаил Саакашвили  «ауаажәларратә офис»
Қарҭ иаадыртит Михаил Саакашвили  «ауаажәларратә офис»

Қарҭ аадыртит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ауаажәларратә иофис.

Саакашвили ихаҭарнак Софо Џьаҧариӡе ишылҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аофис аҿы атәылауаа зегьы Қырҭтәыла ҧасатәи ахада ишиашо иацәажәар илшоит.

Аофис аартраҿы иҟан Михаил Саакашвили идгылаҩцәеи аполитикцәеи. Акабинетаҿ Михаил Саакашвили имаҭәеи егьырҭ амаҭәарқәеи шьҭарҵеит.