Қарҭтәи ақалақьтә аӡбара Ника Гварамиа  30 000 лари ашас иқәнаҵеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбара Ника Гварамиа  30 000 лари ашас иқәнаҵеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбара, аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира амшала,   апартиа «Ахали» алидер Ника Гварамиа  30 000 лари ашас иқәнаҵеит.

Ари аӡбара лыдылкылеит аӡбаҩ Ека Барбақаӡе.

Апрокурор иҳәамҭала, Гварамиа аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа анеира иазку азакәантә аҳәара наимгӡеит.

Ника Гварамиа аӡбаратә процесс ашҟа днеит апопкорн иманы. Иара ишиҳәаз ала,  алегитимациа змам апарламент ала еиҿкаау акомиссиа алегитимра иазхеиҵом. Иара убас, иара ишиҳәаз ала, акомиссиа аилатәарашҟа анеиреи ашас ашәареи игәы иҭам.