Қарҭ даҽа  200 раҟара афымцатә аиҵаҵагақәа шьақәдыргылоит
Қарҭ даҽа  200 раҟара афымцатә аиҵаҵагақәа шьақәдыргылоит

Қарҭ даҽа  200 раҟара афымцатә аиҵаҵагақәа шьақәдыргылоит, – Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла,  уи азыҳәан  ирылаҳәаз аукционқәа хыркәшоуп,  аиааира згаз аилахәырақәа аарҧшуп.

„Атранспорттә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны, имаҷымкәа аус бзиақәа ҟаҵоуп.  2017 шықәсазы атранспорт ахырхарҭала ареформа амҩаҧгара ҳалагеит. Ареформа акомпонентқәа иреиуп афымцамобильқәа раларҵәара. Ақалақь еиуеиҧшым араионқәа рҿы афымцатә аиҵаҵагақәа рышьақәыргылара ҳалагеит, аха, уи иазхом. Ақалақь зехьынџьара иҵегьы 200 раҟара аиҵаҵагақәа рышьақәыргыларазы аукцион рылаҳҳәеит, ари аукциаон аилахәырақәа рацәа рхы аладырхәит, аконкуренциа дуун. Аиааирагаҩцәа аарҧшуп. Дара аиқәшаҳаҭра адкылара инаркны аа-мза ирылагӡаны, рхатә харџьла, аҭыҧ цыҧхьаӡаҿы афымцамобиль аиҵаҵагақәа рыргылареи анеҩстәи жәашықәса рыҩныҵҟа  еиҧҟьарада урҭ русура аиқәыршәареи ируалуп. Абри зегьы ҟаҳҵоит ҳтәылаҿы афымцамобильқәа иаҳа аларҵәара рымазарц азыҳәан. Ҳара аекологиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра  хшыҩзышьҭра ду азаауеит, уи афымцамобильқәа мацара рыла иузыҟаҵом. Арекреациатә қәыҧшыларақәа реиҿкаара иазку апроектқәа наҳагӡоит. Аргыларатә обиектқәа рзы арегулиациақәа шьақәҳаргылеит. Аекологиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы акрызҵазқәа ашьаҿақәа рацәа ҟаҵоуп“, – иҳәеит Каха Калаӡе.