Қарҭ  ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҵаратә ашықәс ҿыц иалагеит
Қарҭ ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҵаратә ашықәс ҿыц иалагеит

Қарҭ ахәыҷбаҳчақәа рҿы аҵаратә ашықәс ҿыц иалагеит. Қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа зегьы ахәыҷқәа ирҧылеит аныҳәатә агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа рыла

60 000-ҩык ахәыҷқәа идырҽеиз ахәыҷбаҳчақәа рахь инеит. Урҭ иреиуп Қарҭ ахада Каха Калаӡе ааиртыз 130-тәи ахәыҷбаҳча.

Каха Калаӡе Ахәыҷбаҳчақәа рнапхгараҭара агентра аиҳабы Гоги Чиқовании Самгортәи араион иҟоу N130  ахәыҷбаҳча ахыбра ҿыц аартра ацеремониа рхы аладыорхәит.

Арҭ амшқәа рзы Қарҭ иҵегьы аадыртуеит ахәыҷбаҳча ҿыцқәа ҩба – N12-и N108-и.