Қарҭ аҿагыларатә акциақәа рылахәылацәа иаанкылоуп
Қарҭ аҿагыларатә акциақәа рылахәылацәа иаанкылоуп

Азакәанхьчаҩцәеи аҿагыларатә акциақәа рхаҭарнакцәеи рыбжьара аидыслара ҟалеит ақьафурҭа “Бабило” аԥхьа, иаанкылоуп гәыԥҩык акциа алахәылацәа.

Ажурналистцәа рахь Апатрультә полициа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Серги Бзишвили ишааицҳаз ала, арҭ ахаҿқәа административтә ҵасла иаанкылоуп.

Аӡбаҩцәа ркорпоративтә ныҳәа ахьымҩаԥысуа ақьафурҭа аԥхьа акциа мҩаԥысуан. Акциа алахәылацәеи азакәанхьчаҩцәеи еиҿагылеит адемонстрантцәа аӡбаҩцәа акәтаӷьқәа иргәыдырҵо ианалага ашьҭахь.