Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Гьаргь Бачиашвили ипроцесс мҩаҧысуеит, иахьа ари апроцессаҿ Биӡина Иванишвили анахарала иҿахәы иҿырхуеит
Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Гьаргь Бачиашвили ипроцесс мҩаҧысуеит, иахьа ари апроцессаҿ Биӡина Иванишвили анахарала иҿахәы иҿырхуеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили иусӡбаратә процесс мҩаҧысуеит. Ари аус  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ашьаҭакҩи аҳаҭыртә хантәаҩи Биӡина Иванишвили  акриптовалиута ицәгара  иазкуп.

Азарал зауз Биӡина Иванишвили иахьатәи апроцессаҿ анахарала иҿахәы имырхуеит.  Ахара зду Гьаргь Бачиашвили апроцесс ихы алаирхәоит.

Апрокурор Михаил Садраӡе апроцесс хәҭак иркны амҩаҧгаразы аҳәара ҟаиҵеит. Садраӡе иажәақәа рыла, акоммерциатә амаӡа ахьчара амзызла, апроцесс хәҭак иркызароуп, Биӡина Иванишвили ирку апроцессаҿ иҿахәы имырхроуп.

Адукатцәеи Гьаргь Бачиашвили ихаҭеи апроцесс аркра иақәшаҳаҭымызт. Адукатцәа рҳәамҭала, ауаажәлар ари апроцессахь аинтерес ду рымоуп, убри аҟынтә, Иванишвили иаарту апроцессаҿ иҿахәы имырхроуп, уи иҿахәы акоммерциатә амаӡа иадҳәалам.

Аӡбаҩ апрокуратура аҳәара наигӡан, апроцесс аркразы аӡбара идикылеит.

Гьаргь Бачиашвили  2017 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа рзы ахара идуп. Апрокуратура адыррақәа рыла, Бачиашвили аинвестор иалеиҵаз аҧара аҟынтә ахашәала наӡа ацынхәрас,  536 900 адоллар мацара ииҭеит, егьырҭ  8986 абиткоинқәа закәандарала ицәигеит, зыӡбахәы ҳәоу аамҭазы арҭ абиткоинқәа  43 миллион адоллар аҟара иаҧсан. Гьаргь Бачиашвили ари ахарадҵара дақәшаҳаҭым. Иара идырҵаз ахаразы  9 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.