Қарҭ амитинг алахәылацәа акциа нарыгӡоит Ҷавҷаваӡе имҩаду аҿы. Дара Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ахыбра аҧхьа еизеит
Қарҭ амитинг алахәылацәа акциа нарыгӡоит Ҷавҷаваӡе имҩаду аҿы. Дара Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ахыбра аҧхьа еизеит.
Уажәазы Ҷавҷаваӡе имҩаду иаркуп.
Амитинг алахәылацәа ақалақь ауааҧсыра адәахьы идәылҵырц ирыҳәоит.
Иаха Русҭавели имҩаду аҿы азинхьчаҩцәеи акциа алахәылацәеи изныкымкәа еиҿагылеит. Акциа алахәылацәа аполицаицәа еиуеиҧшым амаҭәарқәа ргәыдырҵон, аполицаицәа ауаа реимырппаразы аӡыршәгақәеи алаҕырӡ аазго агази рхы иадырхәон.