Қарҭ аҳәса рмарш мҩаҧысуеит. Аныҟәара алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭаҿ еизан, анеҩс, Биӡина Иванишвии ирезиденциашҟа идәықәлеит.
Амарш алахәылацәа ачемоданқәа ркуп, дара ишырҳәаз ала, Биӡина Иванишвили ақырҭуа политика далҵроуп, иара убас, дара аемиграциа апроблемагьы иалацәажәоит.
Амарш иалахәып аоппозициатә партиақәа рҟынтә аҳәса-лидерцәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.