Аҳәынҭқарратә церемониақәа рханаҿ 2023 шықәсазы аҳаҭыртә тәылауаҩ ахьӡ зауз қарҭаа анашьамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧган.
Ацеремониаҿ еизаз ауааҧсыра рҿаҧхьа дықәгылеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе. Иара 26ҩык қарҭаа Қарҭ аҳаҭыртә тәылауаҩ ахьӡ ранашьара рыдиныҳәалеит.
Сынтәа Қарҭ аҳаҭыртә тәылауаҩ ахьӡ ранашьоуп – Арчил Хомасуриӡе (арепродуктолог, аендокринолог, академик); Жанри Лолашвили (атеатри акинои актиор, асахьаҭыхҩы, Қырҭтәыла зҽаҧсахтәыз артист); Нугзар Убери (аҳақьым, апедиатр); Алеқсандр Которашвили (афоторепортиор); Рамаз Гахокиӡе (аҵарауаҩ, ахимик); Гиа Баҕашвили (амузыкант, афольклорист); Гуранда Григолашвили (аҳақьым, аҵарауаҩ); Нана Ҧачуашвили (актриса); Ҭамаз Маҕлакелиӡе (аҳақьым-пульмонолог, амедицинатә ҵарадыррақәа рдоктор); Амиран Қориӡе (аҳақьым); Гурам Ахалаиа (аҵарауаҩ, арҵаҩы, ауаажәларратә усзуҩ); Мурман Џьинориа (актиор); Лиа Стуруа (апоетесса); Лео Анҭаӡе (актиор); Имеда Кахиани (акиноактиор); Иамзе Долабериӡе (акәашаҩ); Леван Лаҕиӡе (асахьаҭыхҩы); Давиҭ Маҕраӡе (апоет); Радиш Ҭордиа (асахьаҭыхҩы); Авҭо Махараӡе (актиор); Зураб Лежава (аспортсмен, азыҟаҵаҩ); Манана Ахметели (амузыкаҭҵааҩы, арҵаҩы); Мамука Чарквиани (амузыкант, акомпозитор); Ева Бабалашвили (асахьаҭыхҩы, ашәҟәыҩҩы); Реваз Арвелаӡе (аенергетик, аинџьныр); Заза Авалиани (аҳақьы-фтизиатр).