Қәҭешь, "Қырҭтәыла абанк" ақәыларазы иаанкылоу Гьыргәал Нарсиа изинқәа рыхьчоит хәҩык адукатцәа
Қәҭешь, "Қырҭтәыла абанк" ақәыларазы иаанкылоу Гьыргәал Нарсиа изинқәа рыхьчоит хәҩык адукатцәа

Қәҭешь, “Қырҭтәыла абанк” ақәыларазы иаанкылоу Гьыргәал Нарсиа изинқәа “Аиуристцәа реиҿкаара” ахҭарнакцәа рыхьчоит.

Хәҩык адукатцәа рылаишьақәгылоу агәыԥ еиҿкаауп. Адукат цици Бабунашвили лажәақәа рыла, аус макьана ҭылымҵааӡацт, аха қәылара амотив ахшара игәабзиара иалҳәалазар ҟалап.

Адукат Сосо Қуҭаҭелаӡе ишазгәеиҭаз, иаанкылоу ахаҿы иԥсихикатә гәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы аекспертиза мҩаԥгахоит.

Гьыргәал Нарсиа ахара иахьа иқәырҵоит. Уи иацы, Қәҭешь, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху амҩаду аҿы иҟоу “Қырҭтәыла абанк” дақәлан, ахаҿы ҩмиллион доллари, агьежьԥрыгеи, аҵәгәыри Урыстәыла абираҟи иҭахын. “Қырҭтәыла абанк” афилиал аҿы 12-ҩык ашасцәа иҟан. Афакт азы ашьаус хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 236-тәи, 323-тәи, 329-тәи ахәҭаҷқәа шьаҭас аҭаны.