Қәҭешь, Никеа амҩаҿ иҿыцу аҩнеихагылақәа рҿы 720 ихҵәоу аҭаацәара анхарҭақәа роуит
Қәҭешь, Никеа амҩаҿ иҿыцу аҩнеихагылақәа рҿы 720 ихҵәоу аҭаацәара анхарҭақәа роуит.
Ауснагӡатә аҿы еизаз асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Қырҭтәыла аԥыза-министри Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистри.
Иракли Кобахиӡеи Михеил Сарџьвелаӡеи ихҵәоу аҭаацәарақәа рынхарҭа ҿыцқәа рцаԥхақәа рырҭан, анхарҭақәа раиура рыдырныҳәалеит.
720 ихҵәоу аҭаацәара рзы идыргылан х-ҩнеихагылак, аргыаратә усурақәа мҩаԥнагеит еилахәыра “Анаги”, апроект азалхын 77 347 872 лари. Адәытә инфраструктуратә усурақәа рзы абиуџьеит аҟынтә алхын 2 940 000 лари.
Қарҭ 2 426 ихҵәоу аҭаацәарақәа ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу 11 аҩнеихагыла рыздыргылоит. Апроект абиуџьет 243 613 670 лари иаҟароуп. Русҭави 800 ихҵәоу аҭаацәарақәа ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу аҩнеихагылақәа рыздыргылоит. Апроект абиуџьет 80 971 596 лари иаҟароуп. Жәыргьыҭ анхарҭақәа роуеит 1 747 ихҵәоу аҭаацәарақәа ( 191 012 850 лари), Борџьрми анхарҭақәа роуеит 150 ихҵәоу аҭаацәарақәа (15 374 192 лари),