Португалиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Цурцумиа Португалиа ахада Марсело  Ребелу де Соуза Агәрагаратә шәҟәқәа ииҭеит
Португалиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Цурцумиа Португалиа ахада Марсело  Ребелу де Соуза Агәрагаратә шәҟәқәа ииҭеит

Португалиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Цурцумиа Португалиа ахада Марсело  Ребелу де Соуза Агәрагаратә шәҟәқәа ииҭеит. Аофициалтә церемониа мҩаҧган апрезиденттә резиденциаҿы  — Амилаҭтә ахан  Белен аҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла,  Агәрагаратә шәҟәқәа аҭара ацеремониа ашьҭахь, Португалиа ахадеи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи ҩ-ганктәи реиҧылара мҩаҧган. Ахада  Марсело Ребело де Соуза Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәылеи Португалиеи рыбжьара аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара дшазыхиоу.  Аиҧылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура аперспективақәеи арегионаҿ аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.

Португалиа ахада Агәргаратә шәҟәқәа иҭара аофициалтә церемониаҿы Қырҭтәылеи Португалиеи рхьыӡрашәақәа нагӡан.