Польшеи Балтиатәи атәылақәеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украинаҟны аусеицура иазку адекларациа рнапы аҵарҩит
Польшеи Балтиатәи атәылақәеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украинаҟны аусеицура иазку адекларациа рнапы аҵарҩит

Польшеи Балтиатәи атәылақәеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украинаҟны аусеицура иазку адекларациа рнапы аҵарҩит.

Анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Киев иазааигәаны иҟоу Гостомель аеродром аҿы.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Денис  Монастырски иҳәамҭала, адекларациа ала иазҧхьагәаҭоуп арратә ацәгьаурақәа реилыргареи Украина аҵакырадгьыл  аминақәа аҵхреи.

Латвиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Мариа Голубева ишылҳәаз ала, Балтиатәи тәылақәеи Польшеи Украина аиааира агаанӡа ари атәыла иацхраауеит.

«Ҳара ҳшәыдгылазароуп, Украина, ҳара ҳаиҧшҵәҟьа, алахәылас иҟалаанӡа европатәи аинститутқәа ркорридорқәа ҳрыҩнагылазароуп», — илҳәеит  Мариа Голубева.