Польша ахада Анджеи Дуда Киев даҭааит, – аанацҳаит Украина иҟоу Польша ацҳаражәҳәара.
Киевтәи аихамҩатә ааҭгылараҿ Дуда Украина Польшатәи ареспублика азҵаарақәа аамҭалатәи ахаҭарнак Пиотр Лукасевич диԥылеит.
Рашәара алагамҭазы Дуда Украина ахада Володимир Зеленски ишиаиҳәаз ала, ипрезиденттә ҿҳәара хыркәшаанӡа Украина даҭааран дыҟоуп.
Ахада иаҳасабала Дуда Украинахь ари иҵыхәтәантәи визитуп.