Польша Аҧыза-министр Матеуш Моравиецки Иракли Ҕарибашвили Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит
Польша Аҧыза-министр Матеуш Моравиецки, Польша аиҳабыра рыхьӡала, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит. Польша Аҧыза-министр идныҳәаларатә шәҟәы ишану ала, ахьыҧшымра алаҳәара инаркны 30 шықәса рыҩнуҵҟала, Қырҭтәыла, аиҭакрақәа рымҩаҧгара аганахьала, арегион аҿы аҧхьагылас иҟалеит. Атәыла қәҿиарла ареформақәа мҩаҧнагоит, аекономика аганахьала аҿиара иаҿуп.
„Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, Польша аиҳабыра рыхьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш.
Польша, Евроеидгылеи НАТОи рҟны аусеицура иазку Қырҭтәыла европатәи ахырхарҭа иадгылоит. Ахьыҧшымра алаҳәара инаркны 30 шықәса рыҩнуҵҟала, Қырҭтәыла, аиҭакрақәа рымҩаҧгара аганахьала, арегион аҿы аҧхьагылас иҟалеит. Шәтәыла қәҿиарала ареформақәа мҩаҧнагоит, аекономикатә ганахьала аҿиара иаҿуп.
Агәра шәҳаргоит ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылдтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ҳшадгыло.
Агәра ганы сыҟоуп аполитикатә усеицура арҕәҕәареи, аекономикатә усеицура арҭбаареи, акультуратә еизыҟазаашьақәеи аҵакы ду шрымоу ҳтәылақәа рпотенциал ахархәареи ҩ-ганктәи ахырҳагареи азыҳәан.
Асоциал-економикатә реформақәа рынагӡареи жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Қырҭтәыла апозициақәа рырҕәҕәареи аҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит“,- иануп Польша Аҧыза-министр Матеуш Моравиецки идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Аинформациа аланарҵәеит Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура.