Польша Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан имаҵзураҭыҧ аанкылара
Польша Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи, шәтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи иадгылоит, – иҩит Польша Аҧыза-министр Матеуш Моравиецки Гьаргь Гахариа аҩынтәраан аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра ахьидиныҳәало ашәҟәы аҟны.
Моравиецки ишазгәеиҭаз ала, иара агәра ганы дыҟоуп Гьаргь Гахариа инапхгарала Қырҭтәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы шыҟарҵо жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Қырҭтәыла апозициақәа иаҳа рырҕәҕәаразы.
„Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс аҩынтәраана шәалхра.
2021 шықәса алагамҭа инаркны аиҳабыра аконкреттә шьааҿақәа рыҟаҵареи аконкреттә аӡбарақәа рыдкылареи рықәшәоит – ганкахьала, акоронавирус апандемиа аан атәылауаа ршәарҭадара аиқәыршәареи абжьааҧнытә ҧсҭазаара ашҟа ахынҳәреи, аекономика аиҭашьақәыргылареи, егьи аганахьала – аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитикатә аренаҿы аҿыц аҳасабтәқәеи апроблемақәеи рыӡбареи азыҳәан.
Агәра ганы сыҟоуп шәара шәнапхгарала Қырҭтәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы шыҟарҵо жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны Қырҭтәыла апозициақәа иаҳа рырҕәҕәаразы, ари ахықәкы нагӡазароуп ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра аусхәаҧштә еишьҭаргыланы анагӡареи НАТО аҟны аусеицура арҭбаареи ала.
Агәра шәсыргар сҭахуп Польша Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, жәларбжьратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи, шәтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ишадгыло.
Ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьасшьоит Қырҭтәыла арҕәҕәара иазку ақәҧареи, асоциал-економикатә реформақәа рымҩаҧгареи аҿы, иара убас, хаҭала шәареи Қырҭтәыла атәылауааи мышхәыбзазара шәзеиҕьасшьар сҭахуп“, – иҩит Матеуш Моравиецки.