Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рау Қырҭтәыла даҭааит. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Збигнев Рау диҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ.
Ҭеимураз Џьанџьалиа ишиҳәаз ала, Польша адәныҟатәи аусқәа рминистри ивизити Польша аҟынтә атәыла иаиуа адгылареи аҵакы ду амоуп.
Збигнев Рау дидикылоит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили. Ишиашо аиҧылара ашьҭахь аделегациақәа рылахәылацәа еиҧылоит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Збигнев Рау Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии дырҧылоит.
Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵоит.