Питер Стано – Ҳара еилыкка иаҳҳәеит Қырҭтәыла апарламентаҿ аҩбатәи аҧхьарала изхәаҧшуа азакәан европатәи апринципқәа ишрышьашәалам
Питер Стано – Ҳара еилыкка иаҳҳәеит Қырҭтәыла апарламентаҿ аҩбатәи аҧхьарала изхәаҧшуа азакәан европатәи апринципқәа ишрышьашәалам

«Ҳара еилыкка иаҳҳәеит Қырҭтәыла апарламентаҿ аҩбатәи аҧхьарала изхәаҧшуа азакәан европатәи апринципқәа ишрышьашәалам», — иҳәеит Еврокомиссиа ахаҭарнак  Петер Стано.

Ажурналист  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадҳәаланы Стано диазҵааит: «Шәара Қырҭтәыла аиҳабыра ари азакәан архынҳәра рыдцаларазы,  мамзаргьы жәамшы рыҩныҵҟа апротест ҟазҵо ауаа рыдгыларазы   иҟашәҵои? Иҟашәҵарц шәгәы иҭои?»

Ари азҵаара аҭак аныҟаиҵоз Еврокомиссиа ахаҭарнак ишиҳәаз ала,  «ари азакәан рыдыркылар,  уи Қырҭтәыла евроинтеграциа иаҧырхагахоит».

«Раҧхьа иргыланы иазгәасҭар сҭахуп уажәааны ҳара ари азакәан актәи аҧхьарала адкылара иадҳәаланы аҳәамҭа шыҟаҳҵаз. Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррели еврокомиссар Оливер Варҳеи аҳәамҭа еицыҟарҵеит.  Дара рҩыџьагьы Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс иахылаҧшуеит.

Ҳәарада, ҳара ауаа ҳрыдгылоит. Ҳара Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анаҳшьеит атәыла ауааҧсыра Евроеидгыла иазааигәахарц ахьырҭаху азыҳәан.  Аха,  ари азакәан адкылара амшала Қырҭтәыла Евроеидгыла иаҳа иацәыхарахоит.

Ишыжәдыруа еиҧш,  Еврокомиссиа Евроеидгыла арҭбаара апакет иазку аҳасабырбақәа иармазеиуеит. Ишаҧу еиҧш,  ари апроцесс ҭагалан имҩаҧысуеит,  абарҭ ахҭысқәа аҳасабырба ианыҧшуеит», — иҳәеит Питер Стано.