Питер Сииарто  - Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара садгылоит
Питер Сииарто  - Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара садгылоит

Евроеидгылахь Қырҭтәыла  алалара садгылоит. Ҳара иҩбоу астандартқәа мап рцәаҳкуеит.  Шәареи, Украинеи, Молдовеи, Басниа-Герцеговинеи шәзы Евроеидгыла иаднакылаз аӡбара иааҧҵәаны ҳақәшаҳаҭым, – иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аизыҟазаашьақәеи ахәаахәҭреи рзы аминистр Питер Сииарто Гьаргь Гвимраӡеи ииҭаз аинтервиу аҿы.

Иара убас, Питер Сииарто, Қырҭтәылеи Венгриеи реизыҟазаашьақәа рҿы аҧыжәара змоу 4 хырхарҭак дрылацәажәеит.

„Ҳаизыҟазаашьақәа рҿы 4 хырхарҭак аҵакы ҷыда рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп ҳара Евроеидгылахь шәинтеграциа ҳшадгыло.  Ҳара иҩбоу астандартқәа мап рцәаҳкуеит. Убри аҟынтә, шәареи, Украинеи, Молдовеи, Басниа-Герцеговинеи шәзы Евроеидгыла иаднакылаз аӡбара иааҧҵәаны ҳақәшаҳаҭым. Атәылақәа рыҧшьбагьы инарыгӡаша акритериқәа еиҧшызароуп. Аха, Қырҭтәыла аҳәара азықәдыргылеит, иаҳҳәаз ҟашәымҵар шәҳадаҳкылом ҳәа шәарҳәеит, егьырҭ атәылақәа – иҟашәҵар бзиоуп ҳәа рарҳәеит, ҳара ари афакт ҳақәшаҳаҭым.

Егьи ахырхарҭа аенергетика иадҳәалоуп. Уажәы Европа афымцала аиқәыршәара апроцесс амодернизациа мҩаҧысуеит. Зырҿыцра ҟало аенергохыҵхырҭақәа хшыҩзышьҭра ду рымоуп. Ҳазынтәгьы ибзианы иаадыруеит адәныҟатәи ахыҵхырҭақәа иҟамзҭгьы ари аус анагӡара шыҟамлоз.  Аиашаз, ари аганахьала шәреигион, кавказтәи арегион, кандидатҵәҟьоуп.  Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит абри зегьы аинфраструктура ишхьаҧшу. Кавказтәи арегиона аҟынтәи Европаҟа зырҿыцра ҟало аенергиа зланаҳгаша амҩангагақәа иҟазароуп. Ҳара ари азҵааразы аус еицаауеит. Уи ҧшьганктәи аусеицуроуп  – Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Венгриеи.

Ахҧатәи ахырхарҭа – аекономикоуп. Венгриатәи аилахәырақәа ақырҭуа џьармыкьа алалара иазҿлымҳауп.

Аҧшьбатәи ахырхарҭагьы сазааҭгылар сҭахуп. Ҳара ҳтәылақәа ақьырсиантә тәылақәоуп. Ҳара ақьырсиантә принципқәа ҳрызгәыкуп. Аҩ-тәылак ақьырсиантә ҭынха дуи адацқәеи ҳамоуп. Жәларбжьаратәи аполитикатә арена ҳалацәажәозар, уаҟа аҧыжәара рымоуп алибералтә хәаҧшырақәа. Ҳара иҳаиҧшу атәылақәа амилаҭтә принципқәеи атрадициақәеи рыхьчара иазықәҧароуп. Қырҭтәылеи Венгриеи  ари ақәҧара иазыхиоуп“, – иҳәеит Питер Сииарто.