Питер Сииарто – Евроеидгыла насыҧны ирыҧхьаӡароуп Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар ахьаҭаху, аибашьра иадгыло аполитикцәа уи иаҧырхагахар рҭахуп, избанзар Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәа зегьы ипатриотцәоуп
Евроеидгыла насыҧны ирыҧхьаӡароуп Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар ахьаҭаху, аибашьра иадгыло аполитикцәа уи иаҧырхагахар рҭахуп, избанзар Қырҭтәыла аиҳабыра ипатриотцәоуп, – иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Питер Сииарто Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Питер Сииарто иҳәамҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра рмилаҭ ринтересқәа рыхьчоит.
„ Евроеидгыла насыҧны ирыҧхьаӡароуп Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар ахьаҭаху, Бриуссель иаҭаху зегьы ҟарҵароуп Қырҭтәыла, излауа ала ирласны, европатәи аҭаацәара алахәылас иҟаларцаз. Ҳара ишаабо ала, аибашьра иадгыло аполитикцәеи бриуссельтәи абиурократцәеи Қырҭтәыла евроинтеграциа иаҧырхагахар рҭахуп.
Абри аамҭазы, ҳара азҵаара иқәҳаргылоит, абас изыҟалеи? Аҭак заҵәык ауп иҟоу, Қырҭтәыла аиҳабыра рыжәлар ринтересқәа рыхьчоит. Қырҭтәыла аиҳабыра атәым анырра иаҿагылар рҭахуп, ари аус қәҿиарала инарыгӡоит. Иара убас, дара атрадициатә ҭаацәара апринцип зыхьчо азакәан рыдыркылеит. Убри аҟынтә, Бриуссель, аполитикатәи афинанстәи ганахьала Қырҭтәыла ахьырхәра рҽазыркит. Бриуссель рҳәатәы хазымҵо бзиа дырбом.
Венгриа аҧышәа ҿырҧштәыс ишәзаазгар сҭахуп. Ҳаргьы ари амҩа ҳахысит, ҳмилаҭтә принципқәеи ҳмилаҭтә интеересқәеи ҳахьчеит, избанзар, уи ҟаҳамҵазҭгьы, ҳсуверинитети ҳхьыҧшымреи ҳцәыӡуан. Шәара ахырхарҭа ииаша шәымоуп. Наҟ-наҟ, Венгриа аиҳабыра зегьы рыла ишәыдгылоит, избанзар, адәныҟатәи ақәыҕәҕәара шыҟоугьы, шәхьыҧшымра шәыхьчароуп, шәтәыла евроинтеграциа апроцесс шәырццакроуп“, – иҳәеит Питер Сииарто.