Питер Фишер – Қарҭ илахьеиқәҵагоу мшуп, аҭынчратә аизара ахақәиҭра еилагоуп, "Ҭбилиси Праид" адгылара наӡа азааҳарҧшуеит
Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер асоциалтә аҳаҿы «Праид-фестиваль» иадҳәалоу ахҭысқәа дрылацәажәеит. Иара ишазгәеиҭаз ала, Қарҭ аҭынчратә аизара ахақәиҭра еилаган.
«Қарҭ илахьеиқәҵагоу мшуп. Қырҭтәыла азакәан еилаган. Уи еиҳангьы, аҭынчратә аизара ахақәиҭра еилаган, ари ахақәиҭра ихьчоуп Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы зегьирзеиҧшу адекларациа 20-тәи ахәҭаҷ ала, Қырҭтәыла ари адекларациа шьақәнарҕәҕәеит. Ҳара Tbilisi Pride адгылара наӡа азааҳарҧшуеит», — иҩит Питер Фишер.
Қарҭ, акомплекс «Лиси вандерленд» аҿы, «Праид – фестиваль» аҵыхәтәантәи амш мҩаҧыргараны иҟан, аха, ари ауснагӡатә амҩаҧгара иаҿагылаз акциа алахәылацәа зыӡбахәы ҳәоу аҵакырадгьыл мчыла иҭалеит. Афестиваль алахәылацәа ари аҭыҧ ақәҵра рықәшәеит.