Питер Фишер - Даара иҳҭахуп Қырҭтәыла Евроеидгыла алалар, аха ари азын ҳстандартқәа хьчатәуп
Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишер иҟаиҵаз аҳәамҭала, Германтәыла агәынамӡара аанарԥшуеит “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәанпроект иадҳәаланы.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, ари азакәанпроект Европа иҟоу апрактика иашьашәалам.
„Германтәыла агәынамӡара аанарԥшуеит “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәанпроект иадҳәаланы, ари азакәанпроект Европа иҳамоу апрактика иашьашәалам. Даара иҳҭахуп Қырҭтәыла Евроеидгыла алалар, аха ари ахы ҳстандартқәа хьчатәуп. Ари атема иахәаԥшуеит аканцлер Шольци аԥыза-министр Кобахиӡеи реиԥылараҿ“, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишер.