Питер Фишер - Авизалиберализациа аанкылара ҳҭахым, Қырҭтәыла атәылауаа Шенгентәи азона ашәқәа аартуп, аха ахҭысқәа зеиԥшрахо ҳаздырӡом
Питер Фишер - Авизалиберализациа аанкылара ҳҭахым, Қырҭтәыла атәылауаа Шенгентәи азона ашәқәа аартуп, аха ахҭысқәа зеиԥшрахо ҳаздырӡом

Авизалиберализациа аанкылара ҳҭахым, Қырҭтәыла атәылауаа Шенгентәи азона ашәқәа аартуп, аха ахҭысқәа зеиԥшрахо ҳаздырӡом, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишер.

Фишер иажәақәа рыла, Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рхеилаки Европа ахеилаки рыӡбарала, аишәа авариантқәа зегьы иқәуп.

Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, жьҭаара 26 рзы имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ажәлар рзы мҩаԥгахоит, урҭ роуп аӡбара здызкыло.

“Ҳара, Германтәыла ахьӡала, сыхьӡала, изныкымкуа иазгәаҳҭахьеит, арҭ алхрақәа ҳара ҳзы мҩаԥысуам. Арҭ алхрақәа ақырҭуа ажәлар рзы мҩаԥысуеит. Шәара шәхала ишәыӡбароуп. Шәара шәоуп Аиҳабыра алызхуа,  уи зеиԥшрахо шәара ишәыӡбароуп. Акы анаҳҳәо, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы иҟанаҵаз зегь иазгәаҳҭоит. Ибзиоу ма ибзиам -зегьы иаҳҳәароуп, абри ауп иҳуалу.

Германтәыла Бундестаг аҿы, иҭбаау асегмент аҿы агәынамӡара дууп, 30 шықәса ирылагӡаны иҳабжьаз апартниорра, апотенциатә Евроеидгыла ашҟа алаларанӡа ҳнанагароуп, ари ҳаргьы иаҳҭахуп, шәара шәзгьы ихырҳагоуп”, -иҳәеит Фишер.