Ҧхынҷкәын 27-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьазаауеит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынҷкәын 25-27 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ҧхынҷкәын 27-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьазаауеит : асду леиуеит, аҧшацәгьеи, анаҟәеи, асыҭәҳәеи ҟалоит, амҩақәа ҵаауеит, амшынаҿ ашторм ҟалоит. Ҧхынҷкәын 28 рзы аҳауа аԥхарраҽынла +8, +10 градус иаҟарахоит. Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) ԥхынҷкәын 28-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит .Аҳауа аԥхарра ҽынла +10, +15 градус иаҟарахоит.
Агентра адыррақәа рыла, асоурацәгьеи, анаҟәоуи, аҵаахшәылеи амшала амҩақәа адыркыр ҟалап. Алышәшәақәа рымшала ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы адгьылҳазаратә процессқәа иалагар ҟалап.