Ҧхынҷкәын 23 инаркны Урыстәыла импыҵахалоу Аҧсны афымцала аиқәыршәара еиҭалагоит
Ҧхынҷкәын 23 инаркны Урыстәыла импыҵахалоу Аҧсны афымцала аиқәыршәара еиҭалагоит

Ҧхынҷкәын 23 инаркны Урыстәыла импыҵахалоу Аҧсны афымцала аиқәыршәара еиҭалагоит. Аурыс журналистцәа данрацәажәоз ари атәы ааицҳаит  импыҵахалоу арежим ахаҭарнак, аенергетикеи атранспорти рзы аминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансуҕ Нанба.

„Ашәахьа инаркны Урыстәыла Аҧсны афымцала аиқәыршәара еиҭалагоит“, – иҳәеит Нанба.

Ҧхынгәы 21 рзы, Аҧсны фе-факто ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәымба Урыстәыла анапхгара рахь аҳәара ҟаиҵеит афымца асахьала  Аҧсны агуманитартә цхыраара арҭарц.