Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ҧхынгәы 23-25 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 26-нӡа Қырҭтәыла араионқәак рҿы ақәа ауеит.
Ҧхынгәы 23-24 рзы Қарҭ алышәшәақәа леиуам, ҧхынгәы 25 рзы ақәа леир ҟалап. Ҧхынгәы 23-24 рзы аҳауа атемператаура +33, +35 градус аҟынӡа ишьҭыҵуеит, ҧхынгәы 25 рзы — +27, +29 градус ҟалоит.
Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧоти): ҧхынгәы 23 – 25 рзы алышәшәақәа ҟалом, ҧхынгәы 24 рзы ақәа леиуеит. +27, +29 градус ҧхаррахоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла: ҧхынгәы 23 – 25 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +31, +33 градус аҟынӡа.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла арегионаҿ: ҭыҧқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа ауеит, акырцгьы леир ҟалап. Ҧхынгәы 23-24 рзы +33, +35 градус шоурахоит, ҧхынгәы 25 рзы аҳауа атемпература лаҟәхоит +25, +27 градус аҟынӡа.