Ҧхынгәы 26-28 рзы Қырҭтәыла ақәоуреи, амацәыси, акырцхи иазыҧшуп
Ҧхынгәы 26-28 рзы Қырҭтәыла ақәоуреи, амацәыси, акырцхи иазыҧшуп

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла,  ҧхынгәы 26-28 рзы Қырҭтәыла ақәоуреи, амацәыси, акырцхи иазыҧшуп.

Ҧхынгәы 28 рзы аҟәара иаҧну араионқәа рҿы аҧша цәгьа асуеит, амшынаҿ  3-4 балл ашторм ҟалоит. Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә зонақәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит.