Ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩцәа Еврокомиссиа аӡбара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит
Ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩцәақәак иацы Еврокомиссиа иаднакылаз аӡбара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Аҳәамҭаҿы агәынамӡара аарҧшуп «Ассоциациатә трио» атәылақәа еидыхны, Қырҭтәыла Евроеидгыла аинициатива «Мрагыларатә партниорра» алидерцәа ргәыҧ ахьадырхыз иадҳәланы.
«Даараӡа ҳгәы иалоуп Қырҭтәыла аиҳабыра абри ауникалтә аҭоурыхтә алшара зынӡаскгьы иҽазыҟаҵамкәа иахьаҧылаз, европатәи ҳпартниорцәа ҕәҕәала аус рыцура ацынхәрас, антиевропатәи ариторика дырҕәҕәеит.
Рыцҳарас иҟалаз, атәыла аиҳабыра ақырҭуа дипломатиа дырҧсыҽит, адипломатцәа ҳтәылазы иреиҕьу алҵшәа аиқәыршәара алшара рымамызт. Ақырҭуа дипломатцәа Еврвоеидгылашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа наӡа аиқәыршәаразы иаҭаху ашьаҿақәа рыҟаҵара рылшап ҳәа ҳгәыҕуеит. Атәыла европатәи аҧеиҧш иазҿлымҳау адипломатцәа зегьы абри аҳәамҭа рнапы аҵарҩыр рылшоит», — иануп аҳәамҭаҿы.