Петре Цаава ишиҳәаз ала, Асинод Цқьа  Апатриарх иалцара азҵаара иахәаҧшроуп
Петре Цаава ишиҳәаз ала, Асинод Цқьа  Апатриарх иалцара азҵаара иахәаҧшроуп

Асинод цқьа аилатәараҿы закәандарала ахьырхәра сыҭареи, амитрополит иҭыҧ аҿы сеиҭашьақәыргылареи, иара убас, Апатриарх  ауахәамантә иалцареи азҵаара иахәаҧшроуп, —   иҳәеит  Чқондидии Мартвилии ҧасатәи амитрополит Петре Цаава.

Иара иажәақәа рыла,  Апатриарх закәандарала аепископ ичин имихит.

«Апатриарх азакәан аҳәаақәа дырҭыҵит, аха, амитрополит Пиотр азакәан дақәныҟәоит. Раҧхьа иргыланы, ииашамкәа ахьырхәра сыҭара азҵаара иахәаҧшны, амитрополит Пиотр иаҳасабала сеиҭашьақәыргылароуп, избанзар, ицқьам Апатриарх идҵала закәандарала ахьырхәра сырҭеит. Анеҩс, Апатриарх ауахәаманатә иалцара азҵаарагьы иахәаҧшроуп, Избанзар  агәнаҳара ду ҟазҵаз, КГБ иқәдыргылаз ауаҩы Қырҭтәыла Асинод цқьа дзахагылом. Уи ҳмилаҭ азы хьымӡҕуп», — иҳәеит Петре Цаава.

Асинод Цқьа аилатәара мҩаҧысуеит жәабран 11 рзы.