Петрас Аустревичус – Уажәы аҳәатәеиқәымшәара аҭыҧқәҵареи агхақәа рыриашареи азы ибзиоу аамҭоуп
Петрас Аустревичус – Уажәы аҳәатәеиқәымшәара аҭыҧқәҵареи агхақәа рыриашареи азы ибзиоу аамҭоуп

«Ақырҭуа политикцәа 12 приоритетқәа нашәыгӡароуп ҳәа анраҳҳәо уи еилкаауп. Аха, уи абас, имарианы иуҳәар ҟалома? Мап ҳәа сгәы иаанагоит. Априоритетқәа еилыккаа аарҧшуп, аха, Қырҭтәыла аполитикатә системаҿы уажәгьы асистематә проблемақәа иҟоуп», — иҳәеит адепутат  Петрас Аустревичус Европарламент аҿы иҟоу жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа ркомитет аҿы, иахьа уаҟа Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рассоциациа анагӡара иазку арезолиуциа цәырган.

Иара иажәақәа рыла, уажәы аҳәатәеиқәымшәара аҭыҧқәҵареи агхақәа рыриашареи азы аидеиалтә  аамҭоуп.

Петрас Аустревичус ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара аполитикатә партиақәа зегьы ари аҳасабтә анагӡаразы ааҧхьара рырҭап ҳәа дгәыҕуеит.

«Уи ҳара ҳаӡбара акәымкәа, Қырҭтәыла аҧеиҧш иадҳәалоуп», — иҳәеит  Петрас Аустревичус.