Петер Фишер – Наҟ-наҟ Германтәыла ҕәҕәала Қырҭтәыла аус ацнауеит европатәи интеграциа азҵаараҿы
«Наҟ-наҟ Германтәыла ҕәҕәала Қырҭтәыла аус ацнауеит европатәи интеграциа азҵаараҿы», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацаражәҳәаҩ Петер Фишер Германтәыла аиҭеидҵара амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы.
«Иахьа ҳара Германтәыла аиҭеидҵара амш азгәаҳҭоит, абраҟа ақырҭуа ҳҩызцәа рацәа ахьеизаз сгәы иаахәеит. Наҟ-наҟ Германтәыла ҕәҕәала Қырҭтәыла аус ацнауеит европатәи интеграциа азҵаараҿы. Аполитикеи, аекономикеи, аҧсабарахьчареи, акультуреи аҿы аконкреттә проектқәа рацәа мҩаҧаагароуп, насгьы, аҵакы ду амоуп аҿар рылахәызаарала апроектқәа рынагӡарагьы. Уи Европаҟа зхы рхоу мҩоуп», — иҳәеит Петер Фишер.
Еврокомиссиа ала иҳәаақәҵаз 12 аҧыжәарақәа рынагӡара иадҳәаланы ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, апрогресс алацәажәара макьана заацәоуп.
«Аиҳабыреи апарламенти амбициатә усхәаҧштә рымоуп, аха, ҳара алҵшәақәа ҳбароуп. Уи аинклиузивтә, адемократиатә, аплиуралисттә процессзароуп. Аха, зегьы реиҳа ихадоу, алҵшәақәа Евроеидгыла астандартқәа ирышьашалазароуп», — иҳәеит Петер Фишер.
Германтәыла аиҭеидҵара амш инамаданы, Германтәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы адкылара мҩаҧысит, уи рхы аладырхәит Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәеи, аполитикцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи.