Пентагон – Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра апроцесс амшала, Америка Қырҭтәылаҿ имҩаҧысраны иҟаз азыҟаҵарақәа  Noble Partner  иҳәаақәҵам аҿҳәарала рхырҧаразы аӡбара аднакылеит
Пентагон – Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра апроцесс амшала, Америка Қырҭтәылаҿ имҩаҧысраны иҟаз азыҟаҵарақәа  Noble Partner  иҳәаақәҵам аҿҳәарала рхырҧаразы аӡбара аднакылеит

«Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра апроцесс амшала, Америка Қырҭтәылаҿ имҩаҧысраны иҟаз азыҟаҵарақәа  Noble Partner  иҳәаақәҵам аҿҳәарала рхырҧаразы аӡбара аднакылеит. Арҭ азыҟаҵарақәа мҩаҧысраны иҟан  2024 шықәса ҧхынгәы 25 инаркны нанҳәа  6-нӡа», — иануп Америка Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, Америка аиҳабыра Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи аусеицура аиҭахәаҧшра иалагеит лаҵара  30 рзы.  Азыҟаҵарақәа  Noble Partner рхырҧара мзызны иҟалеит Қырҭтәыла аиҳабыра Америкеи мраҭашәаратә атәылақәеи ирзықәдыргылаз ахарадҵарақәа рымшала. Ишдыру еиҧш, Қырҭтәыла анапхгара Америкеи мраҭашәаратә атәылақәеи ирхарарҵеит Қырҭтәылаҿ аҩбатәи афронт аартреи аҳәынҭқарратә аархәра аиҿкаареи аҽазкра.

Пентагон аҳәамҭа ишану ала, Америка аиҳабыра ргәаанагарала, уажәы Қырҭтәылаҿ зымҽхак дуу арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара иаамҭам.