Пеле  82 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит  #1TVSPORT
Пеле  82 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит  #1TVSPORT

Бразилиатәи ашьапылампыл алегенда, «ашьапылампыл аҳ» Пеле   82 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.

2021шықәсазы хынтәтәи адунеи ачемпион акьыба ачыразы аоперациа изыҟарҵан, ахимиотерапиа акурс дахысуан.  2022 шықәсазы деицәахан,  Сан-Паулу ахәышәтәырҭашҟа дииаргеит.

Пеле Бразилиа аизга аилазаараҿы зегьы реиҳа ирацәаны аҧхьахәқәа иоухьан  — иара  1958, 1962,  1970 шықәсқәа рзтәи адунеи ачемпионатқәа рҿы аиааира игахьан.