Пекин ишырҳәаз ала,  Китаии Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа егьырҭ атәылақәа рықәыҕәҕәара  аҽарҭом  
 Пекин ишырҳәаз ала,  Китаии Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа егьырҭ атәылақәа рықәыҕәҕәара  аҽарҭом  

 

«Китаии Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа егьырҭ атәылақәа рықәыҕәҕәара  аҽарҭом», — иҳәеит   Китаи Акоммунисттә партиа Акомитет хада адәныҟатәи аусқәа рзы акомиссиа аусмҩаҧгарҭа анапхгаҩы  Ван И Москва Владимир Пути даниҧылоз.

Ван И ишазгәеиҭаз ала, Китаии Урыстәылеи астратегиатә партниорра арҕәҕәара иазыхиоуп.

Владимир Путин  ишиҳәаз ала, Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа ибзианы аҿиара иаҿуп. Иара иажәақәа рыла, сынтәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара иаҳа иҭбаахоит. Путин ишиҳәаз ала,  Ван И иҟны уажәтәи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа алацәажәара дахыццауеит.

Владимир Путин иажәақәа рыла, Китаи аҟны аусеицура Урыстәылазы аҵакы ду амоуп. Иара Китаитәи жәлартә республика ахада  Си Цзинпин Урыстәыла ивизит дазыҧшуп.