Қарҭ, Пекин амҩаду аҿы аахақәа зауз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.
Иҟоу адыррақәа рыла, аԥҳәыс ахәбатәи еихагыла аҟынтә дкаҳаит.
“Пекин амҩаду аҿы корпуск аҿы ибылуан ахәбатәии, афбатәии абжьбатәи еихагылақәа. Инеизакны иблит 30 м2 аҵакырадгьыл. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзуун 14 амцарцәаратә цистернақәа. 300-ҩык аевакуациа рзыруит, амца алокализациа ҳалшеит,” – иҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаԥшра амаҵзура Қарҭтәи аҟәша аиҳабы Оҭар Кереселиӡе.