Павел Ҳерчински - Қырҭтәыла, Украинеи Молдовеи ирыцны, излауа ала ирласны Евроеидгыла иалалап ҳәа гәыкала сгәыҕуеит
Қырҭтәыла, Украинеи Молдовеи ирыцны, излауа ала ирласны Евроеидгыла иалалап ҳәа гәыкала сгәыҕуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински.
Иара иажәақәа рыла, „Евроеидгыла – аҭынчратә проект ссируп, уи абзоурала, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқарра ҭынч инхоит, атәыла астандартқәеи атәылауаа рмышхәыбзазареи аизырҳара рылшоит“.
„ Қырҭтәыла, аҭынчреи аҭышәынтәалареи мышхәыбзазареи аиқәыршәара амзызла, Украинеи Молдовеи ирыцны, излауа ала ирласны Евроеидгыла иалалап ҳәа гәыкала сгәыҕуеит. Ари апроцесс инагӡоит, ҳара излауа ала ари апроцесс ҳацхраауеит. Аха, ҳәарада, Қырҭтәылоуп алхра ҟазҵаша. Евроеидгыла ахаангьы аҩбатәи афронт аартра иамыҳәацт, уи хшыҩдароуп. Ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит Қырҭтәыла агеополитикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу, Қырҭтәыла изхысыз арыцҳара аадыруеит, изныкымкәа ишеибашьуаз аадыртуеит, 2008 шықәсазгьы. Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит атәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына Қырҭтәыла анапхгара рхылаҧшра аҵаҟа ишыҟам. Аамҭакала, Еврвоеидгыла ҕәҕәала Украина иадгылоит. Украина излауа ала ирласны аиааира агап ҳәа ҳгәыҕуеит, уи абзоурала, Украина мацараҿ акәымкәа, арегион зегьы аҿы аҭынчра иҟазаауеит“, – иҳәеит Павел Ҳерчински.