Павел Ҳерчински - Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит
Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аганахьала Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу аазырҧшуа аҭҵаарақәа гәахәаала аҧара рзоуҳажьҭуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински.
Павел Ҳерчински Аекономикатә усеицуреи аҿиареи рзы аиҿкаара (OECD) имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа „Анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи аполитика аиндекс – 2024“ (SME Policy Index – 2024) аӡыргараҿы дыҟан. Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, Мрагыларатә партниорра атәылақәа рыгәҭа аҧхьагылара амоуп.
„Қырҭтәыла аилахәырақәа 99% анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи иаҵанакуеит, атәылаҿ аус зуа ауаа рҟынтәи 70% ари аусхкы аҿы аус руеит. Абри аиндекс абзоурала, ҳара, Евроеидгыла, анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи еиҧҟьарада ацхраара ҳалшоит,“ – иҳәеит Павел Ҳерчински.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аекономика аминистрра апрессмаҵзура.