Павел Ҳерчински - Адеолигархизациа иазку азакәанпроект Венециатәи акомиссиашҟа адәықәҵара иазкны апарламент иаднакылаз аӡбара ҳазыразуп, хара имгакәа апарламент абжьагарақәа аиуп ҳәа ҳгәыҕуеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински Қырҭтәыла апарламент ала „Адеолигархизациа иазку“ азакәанпроект Венециатәи акомиссиашҟа адәықәҵара дазыразуп.
Ҳерчински ишиҳәаз ала, хара имгакәа Қырҭтәыла Венециатәи акомиссиантә абжьагарақәа аиуп ҳәа дгәыҕуеит.
„Адеолигархизациа иазку азакәанпроект Венециатәи акомиссиашҟа адәықәҵара иазкны апарламент иаднакылаз аӡбара гәыкала ҳазыразуп. Венециатәи акомиссиа еиҧшу жәларбжьаратәи астандартқәа рышьақәыргыларатә институт агәаанагара аилкаара аҵакы ду амоуп. Хара имгакәа Қырҭтәыла апарламент Венециатәи акомиссиантә абжьагарақәа аиуп ҳәа ҳгәыҕуеит, азакәан аҵыхәтәантәи авариант рыдыркылаанӡа арҭ абжьагарақәа иазҧхьагәарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит “, – иҳәеит Ҳерчински.
Абҵара 28 рзы „Ақырҭуа гәахәтәы“ алахәылацәа ишаарыцҳаз ала, адеолигархизациа иазку азакәанпроект ахҧатәи аҧхьарала ахәаҧшра иақәшаҳаҭым, апроект Венециатәи акомиссиашҟа идәықәырҵоит.