Павел Герчински - Сара, сыбжьы рдуны, Евроеидгыла ахьӡала еилыкка исҳәар сҭахуп: ҳара адәахьы ауаа ҳбоит, рыбжьы ҳаҳауеит, амчылара ҳгәы ҧнажәоит, уи ҟамлароуп
«Сара, сыбжьы рдуны, Евроеидгыла ахьӡала еилыкка исҳәар сҭахуп: ҳара адәахьы ауаа ҳбоит, рыбжьы ҳаҳауеит, амчылара ҳгәы ҧнажәоит, уи ҟамлароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭала, Евроеидгыла ақырҭуа жәлар ирыдгылоит.
«Ҳара иаҳа еиҕьу аҧеиҧш зҭаху, Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар зҭаху ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит. Иҳаҩсыз амчыбжь азы Бриуссель сыҟан, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа срацәажәеит. Ҧхынҷкәын 16 рзы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиҧыланы, Қырҭтәыла азҵаара иалацәажәоит. Уажәы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа, амчылареи агәымбылџьбареи ҟамлароуп. Ауаа ргәаанагарақәа еиҧшымзар ҟалоит. Уи иарбанзаалак адемократиазы иҟазшьарбагоуп, аха, амчылареи агәымбыџьбареи ҟамлароуп», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.